Аметростанциа  „Варкеҭили“ арҽеираан апассаџьырцәа автобусқәа рзацырҵоит   
Аметростанциа  „Варкеҭили“ арҽеираан апассаџьырцәа автобусқәа рзацырҵоит   

Аметростанциа  „Варкеҭили“ арҽеираан, аамҭала, иацҵаны амаршрут шьақәдыргылоит.

Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе амуниципалитет аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ишиҳәаз ала,   апассаџьырцәа ааигәа иҟоу аметростанциа аҟынӡа  инеир рылшоит автобус N174 ала.

Қарҭ ахада,   ари адискомфорт азы қарҭаа рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаҵаны, ишиҳәаз ала,   абри аҩыза аусурақәа ҽакала изымҩаҧгахом.

„Ҧасатәи аилатәараҿы ишысҳәаз еиҧш,  аметростанциа „Варкеҭили“, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҭаӡареи ртехнологиатә ҷыдарақәеи иазҧхьагәаҭаны,  апассаџьырцәа ршәарҭадара аиқәыршәареи аусурақәа рыҿҳәарақәа рырмаҷреи амзызла,  ҧхынгәы 12 инаркны ари аметростанциа 45мшы рыла аусура иаҟәыҵуеит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.