Америкеи Украинеи ихәарҭоу аҵыхтәқәа ирызку амеморандум рнапы аҵарҩит
Америкеи Украинеи ихәарҭоу аҵыхтәқәа ирызку амеморандум рнапы аҵарҩит.
Украина аекономика аминистр Иулиа Свириденко ишылҳәаз ала, ари аиқәшаҳаҭра аҩ-ҳәынҭқаррак руааҧсыра хырҳагара рзаанагоит.
«Иахьа ҳара Америкеи Украинеи рпартниорра иазку аиқәшаҳаҭра адкыларазы даҽа шьаҿак ҟаҳҵеит. Украинеи Америкеи рнапы зҵарҩыз амеморандум ишьақәнарҕәҕәоит ҳара аконструктивтә усеицура ҳшазҿлымҳау, ҳуааҧсыра хырхагара рзаазго аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҳшазыхиоу», — илҳәеит Иулиа Свириденко.
Украина аекономика аминистр лажәақәа рыла, Украина аиҭашьақәыргылара иазку Аинвестициатә фондгьы аиҿкаара иаҿуп. Свириденко лҳәамҭала, ари адокумент ала аганқәа ишьақәдырҕәҕәеит «америкауаа, аукраин жәлар ирыдгыланы, зхы иақәиҭу, ихьыҧшым, ишәарҭам Украина аҧара алаҵара ишазыхиоу».
Уажәшьҭа, ари аиқәшаҳаҭра атекст аус адулара хыркәшаны, апарламент аҿы ишьақәдырҕәҕәароуп.