Америкеи Европа Ахеилаки Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵеит аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц
Америкеи Европа Ахеилаки Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵеит аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц
Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак ипресс-маӡаныҟәгаҩ / Еврокомиссиа авице-ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩи, Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресс-маӡаныҟәгаҩи Евроеидгыла абжьацәажәара иазкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Америкеи Европа Ахеилаки Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иахьа ирыдигало аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.
«Фымз имҩаҧысуаз аицәажәарақәа рышьҭахь Қырҭтәыла атәылауаа еилыкка аадырҧшит, дара атәыла аполитикатә кризис иалҵыр, ажәлар иалырхыз апарламент алахәылацәа апарламент ашҟа инеины, атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара иалагар шырҭаху.
Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ҳара Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит иахьа Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель ирыдигало аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.
Аиқәшаҳаҭра ала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы зҵакы дуу аинституциатә реформақәа рымҩаҧгара. Зыӡбахәы ҳәоу ареформақәа ихьыҧшым аӡбаратә система аҧҵареи, иаҳа иҕәҕәоу алхратә системеи апарламенти реиқәыршәареи иацхраауеит.
Абри аҩыза акомпромисс рыдыркылар, аганқәа зегьы анамыс аарҧшны, иарбанзаалак аполитикатә партиа аинтересқәа ракәымкәа, Қырҭтәыла атәылауаа ринтересқәа аҧыжәара рырҭоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара асаит аҿы икьыҧхьу аҳәамҭаҿы.