Америкатәи аконгрессменцәа ЕАШ ахәаахәҭратә хаҭарнак иахь ааԥхьара ҟарҵеит Қырҭтәылаҟны ахәаахәҭратәи аинвестициатәи еимадарақәа ирӷәӷәарц
Америкатәи аконгрессменцәа ЕАШ ахәаахәҭратә хаҭарнак Кетрин Таи лахь ааԥхьара ҟарҵеит Қырҭтәылаҟны ахәаахәҭратәи аинвестициатәи еимадарақәа ирӷәӷәарц. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Қырҭтәыла Еидоу Америкатәи Аштатқәа рзы иаԥсоуп аидгылаҩ ауп. Иҿиаауа адемократиатә тәылаҿ – Қырҭтәыла, аполитикатәии аекономикатәи реформақәа мҩаԥгатәуп, ари Кавказтәи арегион аҟны аҭышәынтәалара ашьақәыргылара иадгылоит. ЕАШ рҟны ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара арҭ ареформақәа рырцаккра иадгылоит, ” – иануп аконгрессменцәа рҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аҳәамҭаҿ ҷыдала иазгәаҭоуп Қырҭтәыла агеографиатә лагылазаара. Аконгрессменцәа иазгәарҭоит ЕАШ-и Қырҭтәылеи рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа ӷәӷәоуп.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатәи партниорреи аидгылареи аҵак ды шрымоуп, Ираки Афганистари рҿы имҩаԥысуаз арратә операциақәа рҿы Қырҭтәыла алагала шдуущ, иара убас Кавказтәи арегиони уи анҭыҵи аҭышәынтәалареи адемократиатә хәынаӡарақәеи рышьаҭаркра ахырхарҭала Қырҭтәыла ароль ду шамаз.
Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит аконгрессменцәа Керол Миллери, Адам Кинзингери, Стив Уомеки, Џьон Роузи, Џимми Гомеси, Џьералд Конноли, Ден Креншоуи Алекс Муни.