Америкатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала,  Netflix Нонна Гаԥриндашвили лҟны аҭынчмҩалатәи аиқәшаҳаҭра  бжьарҵеит
Америкатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала,  Netflix Нонна Гаԥриндашвили лҟны аҭынчмҩалатәи аиқәшаҳаҭра бжьарҵеит

Америкатәи аихқәа ишаарыцҳаз,  Netflix амини-сериал «Акралтә  гамбит» иадҳәалоу Нонна Гаԥриндашвили лшшыԥхьыӡ аҭыԥқәҵара ақәшаҳаҭхеит.

Нонна Гаԥриндашвили лшшыԥхьыӡ ишаныз ала,  ателесериал аепизодк аҿы Нона Гаҧриндашвили лкариератә қәҿиарақәа ирызкны ииашам аинформациа аарҧшын. Лымкаала, ари аепизод аҿы ирҳәоит Нона Гаҧриндашвили  ахацәа ашахматасҩцәа хаангьы дрыцхәмаруамызт ҳәа. Ашшыҧхьыӡ аҿы ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу аепизод аҿы  1968 шықәсатәи ахҭысқәа ирылацәажәоит, усҟан Нона Гаҧриндашвили  59-ҩык ахацәа ашахматасҩцәа дрыцхәмархьан. Иара убас, ашшыҧхьыӡ аҿы иаҵшьны иазгәаҭан  Netflix Нона Гаҧриндашвили иаҳа лаҳаҭыр шыладырҟәыз лара урыстәылатәи ашахматасҩы лаҳасабала данаадырҧшы. Нона Гаҧриндашвили лдукатцәа  Netflix аҟынтә 5 миллион адоллар акомпенсациа иаҳәоит.

Netflix ашшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭымхеит, ажәбатәи аппелиациатә аӡбарҭа азашшит, аха аҩашаҽны аӡбара аԥсахын, ашшыԥхьыӡ ақәшаҳаҭхеит.