Америкатә  невролог Шаҳин Емануел Лахани  Михаил Саакашвилии изыӡба ахырҧара азҵааразы иҿахәы имыхит
Америкатә  невролог Шаҳин Емануел Лахани  Михаил Саакашвилии изыӡба ахырҧара азҵааразы иҿахәы имыхит

Америкатә  невролог Шахин Емануел Лахани  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилии изыӡба ахырҧара азҵааразы иҿахәы имыхит.

Шаҳин Еммануел Лахани, анахарала, иахьатәи аӡбаратә процесс далахәып. Уажәазы америкатә невролог  азҵаарақәа изықәиргылеит Михаил Саакашвили идукат Шьалуа Хаҷапуриӡе.

Шаҳина Еммануел Лахани иҳәамҭала, Саакашвили цәгьала дыҟоуп.

«Саакашвили ахшыбаҩи, абыҩлашеи, афатәрсагатә системеи адисфункциа имоуп. Иара имоу адиагнозқәа рҟынтәи зегьы раасҭа ихьанҭоуп  адеменциа.  Саакашвили аперифериатә анервтә система ачымазара имоуп, убри аҟынтә, аныҟәара ицәыуадаҩуп. Убри адагьы,  атравма аамышьҭахьтәи астресстә ааха ду иоуит. Аполиформациа иҟоуп, ҽакала иаҳҳәозар, иахәҭам ахәшәқәак ирҭоит. Абри ауп зегьы раасҭа иҭагылазаашьа зырҵәгьо. Иара убас, Саакашвили аамҭала иҧсы маҷхоит, адеменциа имоуп.  Абарҭ адиагнозқәа азыӡба ахгара аанызкылаша факторқәоуп ҳәа исыҧхьаӡоит», — иҳәеит аневролог.

Иара иажәақәа рыла,   Михаил Саакашвили иҧсҭазааразы ишәарҭоу ачымазара лаҽқәа имоуп.

«Абахҭа дҭаркаанӡа аневрологиатә ганахьала игәы бзиан. Ибаандаҩтәра ашьҭахь иаалырҟьаны иҭагылазаашьа еицәахеит, сара дангәасҭоз уи лабҿаба иубарҭан. Михаил Саакашвили иҧсҭазааразы ишәарҭоу ачымазара лаҽқәа имоуп, ҷыдала иалыскаар сҭахуп аиҵасра априступқәа,  ииашамкәа ихәышәтәраан арҭ априступқәа  рымшала дыҧсыр ауеит.   Адеменциа иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп,  ари аганахьала иҭагылазаашьа есымша еицәахоит.  Иара иахәҭоу ахәышәтәра иоуам, ииашамкәа дхәыршәтәуеит, убри аҟынтә, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы игәабзиахара аиҕьтәразы алшара иҟам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Шаҳин Емануел Лахани аӡбаратә процесс аҿы.