Америкатә Конгресс аҿы ицәыргоуп Амшын еиқәа арегиони Қырҭтәылеи рахь Америка аинтерес азҳареи адгылара ҕәҕәеи шьақәзырҕәҕәо ҩ-партиактәи азакәанҧҵара акт
«Сынтәа, ҧхынгәы 12 рзы, Америкатә Конгресс иалагалан Амшын еиқәа арегиони Қырҭтәылеи рахь Америка аинтерес азҳареи адгылара ҕәҕәеи шьақәзырҕәҕәо ҩ-партиактәи азакәанҧҵаратә акт», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Лымкаала, асенаторцәа Џьин Шахини Митт Ромнии Сенат иаларгалеит азакәанпроект — «Амшын еиқәа ашәарҭадара иазку 2022 шықәсатәи акт». Адокумент ала дара Америка администрациа рнапы ианырҵеит Амшын еиқәа арегион азы астратегиа аус адулара.
«Азакәанпроект ишану ала, Украинеи Қырҭтәылеи рҿы урыстәылатәи агрессиа амшала Амшын еиқәа арегион аҿы аибарххара азҳауеит. Убри аҟынтә, Амшын еиқәа арегион – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Румынтәылеи, Болгариеи, Ҭырқәтәылеи ршәардара ихьчазароуп.
Ашәарҭадара иазку акт аҿы Амшын еиқәа арегионаҿ урыстәылатәи анырра аиҵатәрагьы иалацәажәоит. Лымкаала, иаҵшьны иазгәаҭоуп арегион аҿы аурыс пропаганда аҿагылареи, урыстәылатәи аенергоресурсқәа рхьыҧшызаара аиҵатәреи, арегион атәылақәа ренергетикатә шәарҭадара аизырҳареи ахымҧадара.
Адокумент аҿы иалацәажәоит аидгылаҩцәа зегьы рылахәызаарала ашәарҭадара кыраамҭалатәи астратегиа аҧҵара, уи Амшын еиқәа арегион аҿы аидгылаҩцәа еснагь рыҟазаара еиқәнаршәароуп.