Америкатә Конгресс аделегациа Қырҭтәыла иаҭааит. Аделегациа алахәылацәа Қарҭ апресс -конференциа мҩаҧыргеит.
Америкатә сенаторцәа Қарҭ имҩаҧыргаз аиҧыларақәеи ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.
Асенатор Криса Кунс иҳәамҭала, аделегациа Қарҭ иаҭааит Америкеи Қырҭтәылеи рыбжьра адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьқәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра инамаданы. Иара иажәақәа рыла, аделегациа алахәылацәа Қырҭтәыла аҧыза-министри, адәныҟатәи аусқәа рминистри, аоппозициа алидерцәеи, урыстәылатәи адиссидентцәеи, украинатәи ахҵәацәеи ирҧылахьеит.
Асенатор Гери Питерс ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы украина аимҩаҧысуа ахҭысқәа ишьақәдырҕәҕәеит адунеи зегьы аидгылареи адемократиа арҕәҕәареи аҵакы ду шамоу.
«Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы аукраин жәлар рфырхаҵара ҳахнахит, адунеи адемократиақәа зегьы еилыркааит аидгылара ҵакыс иамоу, ҳара, ҳнапқәа еибаркны, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп агрессиа аҵархаразы. Убри азоуп Қырҭтәыла иазкны иаҳа ирацәаны еилыскаар зысҭаху. Иара убас, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ирдыруазар сҭахуп америкатә сенатор иаҳасабала, ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла сшацхраауа адемократиа арҕәҕәара аус аҿы», – иҳәеит асенатор Гери Питерс.