Америка Ахаҭарнакратә палата "Қырҭтәыла ацхраара иазку акт" шьақәнарҕәҕәеит
Америка Ахаҭарнакратә палата “Қырҭтәыла ацхраара иазку акт” шьақәнарҕәҕәеит, зыӡбахәы ҳәоу адокумент, азакәанҧҵаратә аҩаӡараҟны, ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниорра шьақәнаргылоит», — аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аминистрра адыррала, «Қырҭтәыла адгылара иазку акт» аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Америка Қырҭтәыла ишадгыло НАТО алаларазы акандидат тәыла ҳасабала, иара убас, адокумент аҿы иазхаҵоуп Қырҭтәыла атәылауаа, изакәызаалак даҽа тәылак аҽалагаларада, атәыла аҧеиҧши, адәныҟатәи политикеи, ашәарҭадареи аҳәаақәҵара азин шрымоу.
Анеҩстәи апроцедуратә аетап азы, Америка Ахаҭарнакратә палатаҿы ирыдыркылаз азакәанпроект Америкатә Сенат ашҟа идәықәырҵоит. Иашьашәалоу акомитетқәа азакәанпроект шьақәдырҕәҕәар, уи Америка ахада анапаҵаҩразы издәықәырҵоит. Америка ахада инапы аҵаиҩыр, «Қырҭтәыла адгылара иазку акт» амч аиуеит.