Америка Ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет Қырҭтәыла иадҳәаланы «MEGOBARI act» иаднакылеит
Америка Ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет Қырҭтәыла иадҳәаланы «MEGOBARI act» иаднакылеит.
Зыӡбахәы ҳәоу акомитетаҿ ари акт иацы иахәаҧшит.
«MEGOBARI act» ахадаратә ҭагылазаашьақәа:
«Адемократиеи азакәан аиҳаӡареи адгылара — акт аҿы иарбоуп Қырҭтәылаҿ адемократиатә принципқәеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, азакәан аиҳаӡареи ахьчара иадҳәаланы Америка имҩаҧнаго аполитика. Акт аҿы иазхаҵоуп Қырҭтәыла атәылауаҩратә уаажәларра апрогресс шамоу, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭоуп арегионалтә ҭышәынтәалареи Америка аинтересқәеи рзы адемократиа арҕәҕәара иамоу аҵакы.
Адемократиа мап ацәкра ақәҿыҭра — уажәааны Қырҭтәыла ала адемократиа мап ацәкра иаҭакны, азакәан ала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра роуранагӡареи, Урыстәылеи егьырҭ авторитартә режимқәеи рҟны Қырҭтәыла иамоу аимадарақәеи рзы ахылаҧшра арҕәҕәара.
Аҳасабырбареи асанкциақәеи — акт инақәыршәаны, аҳасабырбара хымҧада еиқәыршәазароуп, убри азыҳәан, Қырҭтәылаҿ Урыстәыла аинтересқәа мҩаҧызго акоррупциатә практикеи, асанкциақәа рацәцареи, ахәшьараҭареи, Қырҭтәылаҿ урыстәылатәи аҧшыхәра аларҵәареи, Китаи аус ацуреи ирызку аҳасабырбақәа рырмазеиреи.
Адемократиа амониторинг азы аусуратә гәыҧ аиҿкаара — акт ала иазҧхьагәаҭоуп адемократиа амониторинг азы аусуратә гәыҧ аиҿкаареи Қырҭтәыла адемократиа аҿиара ацхраареи, ҷыдала, алхрақәа раан, ииашоу, зхы иақәиҭу алхратә процесс аиқәыршәаразы.
Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи Қырҭтәылаҿ акрызҵазкәа адемократиатә прогресс шыҟоу ашьақәырҕәҕәареи ашьҭахь, ари азакәан ала иазҧхьагәаҭоуп ҳаҧхьаҟа Американтә ацхыраара абарҭ аусхкқәа рҿы: Қырҭтәылаҟны иаҳа еиҕьу ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра адкылара; аиҭныҧсахларатә программақәа рырҭбаареи авизатә режим армариареи; аекономикатә пакет аус адулара; ашәарҭадареи ахыхьчаратә цхыраареи аиқәыршәара урыстәылатәи агрессиа аҿагыларазы».