Америка ацҳаражәҳәара аҧхьа еизаз Шукруҭи ақыҭауаа амлакра нарыгӡоит
Америка ацҳаражәҳәара аҧхьа еизаз Шукруҭи ақыҭауаа амлакра нарыгӡоит

Шукруҭи ақыҭауаа 25 мшы амлакра иаҿуп. Дара ишаарыцҳаз ала, иахьарнахыс аӡыржәтә  мацара рыдыркылоит.

Шукраҭи ауааҧсыра ишырҳәаз ала, «Џьорџьиан Манганез» ахаҭарнакцәа аиҿцәажәарақәа ралагара ишазхиоу рҳәеит,  аха,  макьана аӡәгьы ихабар иҟам.

Иахьа апротесттә алахәылацәа рахь днеит  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе. Иара ауаа ажәа риҭеит ари азҵаара апарламент аҿы ишықәиргыло азы.  Уааҵәҟьа иҟан ахҧатәи асектор ахаҭарнакцәагьы,  дара ишырҳәаз ала,  апротесттә акциақәа иалагар ҟалап.