Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла иадныҳәалеит Ахьыҧшымра амш.
Адныҳәалара ишану ала, Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала иадгылоит.
«Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адаҳныҳәалоит. Аџьабаа дула ишәоуз ахақәиҭреи ахьыҧшымреи амш гәырҕьарала азгәаҭара шәзеиҕьаҳшьоит. Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара нанагӡоит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа адныҳәалараҿы.