Америка ацҳаражәҳәарҭа - Адгыларатә ҵакы змоу ҳпроектқәа руакы иахьа иазықәдыргылаз ахарадҵара ииашам, ҳара апроблемақәа зегьы ралацәажәара ҳазыхиоуп
«Адгыларатә ҵакы змоу ҳпроектқәа руакы иахьа иазықәдыргылаз ахарадҵара ииашам, USAID Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыцхраауеит 1992 шықәса инаркны, ари адгылара апроцесс аартуп, аиҳабыра проблемак рымазар, уи алацәажәара ҳазыхиоуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра иарбанызаалак адемократиеи аҩ-тәылак рхадаратә принципқәеи рышьаҭоуп.
« Ауаа дара изыргәамҵуа апроблемақәа рылацәажәара алшара рымазарц азыҳәан, USAID-и CANVAS-и аус еицыруижьҭеит ҩышықәса еиҳаны иҵхьеит. Абри аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, акьыба ачымазара змоу ахәыҷқәа ранацәа рзинқәеи зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзинқәеи рыхьчара иазкыз атренинг мҩаҧган. Ҳара, шьаҭак зҵам ахарадҵарақәа ҳармыхәаҧшкәа, Қырҭтәыла Аконституциала иҳәаақәҵоу азинқәа рыхьчараҿы ауаа ирыцхраауа ақырҭуа аиҿкаарақәа рыдгылара наҳагӡоит“, – иануп аҳәамҭаҿы.