Америка ацҳаражәҳәарҭа Иракли Кобахиӡе иҳәамҭа иадҳәаланы ашәҟәаарт  аланарҵәеит
Америка ацҳаражәҳәарҭа Иракли Кобахиӡе иҳәамҭа иадҳәаланы ашәҟәаарт  аланарҵәеит

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе иҳәамҭа иадҳәаланы ашәҟәаарт  аланарҵәеит.

Лымкаала, ацҳаражәҳәарҭа абҵара 28 рзы аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа иахцәажәеит.

«2024 шықәса абҵара 28  рзы Иракли Кобахиӡе иҳәеит: «Иахьа ишыҳаӡбаз ала,  2028 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иқәҳаргылом».

Зегьы еилкаауп», — иазгәаҭоуп ацҳаражәҳәарҭа асаит аҿы.