Америка ацҳаражәҳәарҭа - Америка, аоппозициа алидерцәеи, ажурналистцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, адемонстрантцәеи рганахьала «Ақырҭуа гәахәтәы» имҩаҧырго амчылара иақәыӡбоит
Америка, аоппозициа алидерцәеи, ажурналистцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, адемонстрантцәеи рганахьала «Ақырҭуа гәахәтәы» имҩаҧырго амчылара иақәыӡбоит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, абри аҩыза афактқәа Қырҭтәыла ауааҧсыра рхадаратә хақәиҭрақәа рыҧкра ауп изызку.
«Абри аҩыза афактқәа Қырҭтәыла ауааҧсыра рхадаратә хақәиҭрақәа рыҧкра ауп изызку. Уи ақырҭуаа реиҳара ирҭаху, евроатлантикатә амҩашҟа ахынҳәра иацхраауам. Қырҭтәыла иаҳа еиҕьу аҧеиҧш иахәҭоуп», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.