Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Адемонстрантцәеи, АИХқәа рхаҭарнакцәеи, аоппозициа алахәылацәеи рганахьала агәымбылџьбаратә мчыларазы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа аҭакҧхықәра рықәҵатәуп
Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Адемонстрантцәеи, АИХқәа рхаҭарнакцәеи, аоппозициа алахәылацәеи рганахьала агәымбылџьбаратә мчыларазы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа аҭакҧхықәра рықәҵатәуп

 

«Иахьа ацҳаражәҳәаҩ   Данниган Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ диҧылеит иареи игәыҧи ақырҭуа жәлар рзинқәа рыхьчара аганахьала имҩаҧырго аусура далацәажәарц азыҳәан», — асоциалтә аҳаҿы ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.

Ацҳаражәҳәарҭа аинформациа ишану ала, адемонстрантцәеи, АИХқәа рхаҭарнакцәеи, аоппозициа алахәылацәеи рганахьала агәымбылџьбаратә мчыларазы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа аҭакҧхықәра рықәҵатәуп.

«Аҭынчратә аизарақәеи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭра зхы иазырхәоз ауаа зыҧшра ҟамҵакәа иоурыжьҭроуп», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.