Америка Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, ацәымҕра  аларҵәареи  амассатә амчылара аиҿкаареи зхарарҵо Қырҭтәыла атәылауаҩ даанкылоуп
Америка Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, ацәымҕра  аларҵәареи  амассатә амчылара аиҿкаареи зхарарҵо Қырҭтәыла атәылауаҩ даанкылоуп

Интерпол ала изышьҭаз ари ауаҩы 2024 шықәса ҧхынгәы 6 рзы Молдова аҳҭнықалақь Кишиниов даанкылан.

Америка Аиустициа аминистрра адыррала, амилаҭтә аиҵарақәеи ауриа уаҧшьынеи ирҿагыланы иқәҧоз ауаҩы даанкылоуп.

«Иаанкылоу ауаҩы 2023 шықәсазы, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Ниу-Иорк амассатә жәыларақәа дрылагеит. Иара амилаҭтә аиҵарақәа рхаҭарнакцәеи  ауриатә школқәа рҵаҩцәеи  ашҳам злаз ахаатәқәа  рзишон“, — иануп аҳәамҭаҿы.

Аусеилыргара аверсиала, данааныркыла ашьҭахь, Қырҭтәыла атәылауаҩ азинхьчаҩцәа ириҭеит ихатә план асхемақәа, урҭ рҟынтә схемақәак арадикалтә исламисттә гәыҧқәеи атеррористтә аиҿкаарақәеи ирыдҳәалоуп.

Америка апрокурор  Бреонна Пиз лҳәамҭала, ахара зду ауаҩы, амчыларатә жәыларақәеи анеонацисттә идеологиа аӡыргареи амзызла, зықәра наӡам ауааҧсыра қьырала игар иҭахын.

Америка аусеилыргаратә усбарҭа адыррақәа рыла, иаанкылоу ауаҩы, 2011 шықәсазы Норвегиа Андерс Бреивик имҩаҧигаз атерракт аасҭа иаҳа зымҽхак дуу атерракт амҩаҧгара игәы иҭан. Норвегиа иҟалаз атерракт иалаӡит  77ҩык.

Ари ахара шьақәдырҕәҕәар, Қырҭтәыла атәылауаҩ  20 шықәса аҭакра иқәшәоит.