Америка аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  - Ҳара Қырҭтәыла ауааҧсыра ҳрыдгылоит, астратегиатә партниорцәас ҳҟалеит
Америка аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  - Ҳара Қырҭтәыла ауааҧсыра ҳрыдгылоит, астратегиатә партниорцәас ҳҟалеит

«Америка жәлар ихьыҧшым аҳәынҭқарра зҭаху Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыдгылоит, шықәсқәак рыла ҳара астратегиатә партниорцәас ҳҟалеит», — илҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент апаресс-маӡаныҟәгаҩ Џьалина Портер ажурналистцәа данрацәажәоз.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Вашингтон лвизит иазкны ианлазҵаа Портер ишылҳәаз ала, аиҧыларақәа ирызкны макьана информациа лымам.

«Аха, уезгьы, Қырҭтәыла иазкны исҳәар сылшоит америкауаа  ихьыҧшым аҳәынҭқарра зҭаху Қырҭтәыла ауааҧсыра ишрыдгыло. Шықәсқәак рыла ҳара астратегиатә партниорцәас ҳҟалеит, иаҳзеиҧшу аҳасабтәқәа рынагӡааразы аус еицаауеит,  уи иаанагоит евроатлантикатә ҭаацәараҿы Қырҭтәыла алахәызаара наӡа», — илҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент аахаҭарнак.