Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ  Дерек Шолле Қырҭтәыла даҭаауеит лаҵара  18-19 рзы
Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ  Дерек Шолле Қырҭтәыла даҭаауеит лаҵара  18-19 рзы

«Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ   Қырҭтәыла даҭаауеит», — иануп Аҳәынҭқарратә департамент апресс-маҵзура адырраҿы.

Аусбарҭа адыррала, Дерек Шолле  Қырҭтәыла даҭаауеит лаҵара 18-19 рзы, иара ақырҭуа партниорцәа драцәажәоит европатәи ашәарҭадареи адемократиатә аҿиареи азҵаарақәа рзы.

Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ Қырҭтәыла аиҳабыреи, аоппозициеи, атәылауаҩратә уаажәларреи ахаҭарнакцәа дырҧылоит Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, иара убас, ақырҭуа жәлар адемократиатә, аҭынчратә евроатлантикатә аҧеиҧш ишазықәҧаша азы драцәажәарц азыҳәан.

Қырҭтәылаҟа даиаанӡа,  Дерек Шолле Молдова даҭаауеит, уаҟа иара Украина имҩаҧысуа аибашьра Молдовазы иамоу анырреи Америкеи Молдовеи реизыҟазаашьақәеи дрылацәажәоит, иара убас, украинатәи ахҵәацәа дырҧылоит.

Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ Қырҭтәылантә Лондонҟа ддәықәлоит.