Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рзы европатәи амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ хада даниацәажәоз, иаҵшьны иазгәалҭеит Америка Украинеи Молдовеи Қырҭтәылеи ревроатлантикатә ҽазышәара ишадгыло
Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Венди Шерман, Адәныҟатәи аусқәа рзы европатәи амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ хада Стефано Саннино даниацәажәоз, иаҵшьны иазгәалҭеит Америка Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, ревроатлантикатә ҽазышәара ишадгыло. Ари атәы иануп Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы.
«Иахьа аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Венди Шеман Адәныҟатәи аусқәа рзы европатәи амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ хада Стефано Саннино диацәажәеит. Дара Украина адгылареи Украина имҩаҧысуа гәымбылџьбаратә еибашьразы Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵареи уҳәа, уажәазы адунеи аҿы ахадаратә ҵакы змоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иаҵшьны иазгәалҭеит Америка Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи ревроатлантикатә ҽазышәара ишадгыло », — иануп аҳәамҭаҿы.