Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О’Браиен иҳәамҭала, иара ақырҭуа депутатцәа драцәажәеит

10:58, 01.05.2024

Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ  Џьим О’Браиен асоциалтә аҳаҿы  Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа дрыхцәажәан,  ишиҩыз ала,   иара ақырҭуа депутатцәа драцәажәеит.

«Акрызҵазкәа аиҿцәажәара ҳаман,  ақырҭуа депутатцәеи сареи ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит. Кремль изыдгыло  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан  даараӡа ҳшаргәамҵуа расҳәеит. Ари азакәан Қырҭтәыла евроинтеграциа иаҧырхагахоит», — иҩит  Џьим О’Браиен асоциалтә аҳаҿы.

 

Еиԥшу