Америка Аҳәынҭқарратә департамент урыстәыла-украинатә аибашьраҿы Аҩадатәи Кореиа алахәызаара иадҳәаланы агәынамӡара аанарҧшит
Америка Аҳәынҭқарратә департамент урыстәыла-украинатә аибашьраҿы Аҩадатәи Кореиа алахәызаара иадҳәаланы агәынамӡара аанарҧшит

«Америка Аҳәынҭқарратә департамент урыстәыла-украинатә аибашьраҿы Аҩадатәи Кореиа алахәызаара иаргәамҵуеит», — иануп Америка аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы. Аҳәамҭа кьыҧхьуп  Sky News аҿы.

АИХқәа ринформациа ишану ала, Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак аелектронтә шәҟәы аҟны иҩит  «аҩадакореиатәи арбџьармчқәа Урыстәыла ргылареи уи ацынхәрас Урыстәыла Аҩадатәи Кореиа иазаанарҧшуа адгылареи аҵыхәа ҧҵәатәуп» ҳәа.

Аҩадатәи Кореиа раҧхьаӡа акәны ишьақәнарҕәҕәеит  Ким Чен Ын идҵала кореиатәи аруаа Украинаҿ имҩаҧысуа аибашьра аҽалархәразы Урыстәылаҟа ишдәықәҵоу.  Урыстәыла ахада Владимир Путин аҩадакореиатә аруаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Курстәи атәылаҿацә иажәылаз украинатәи арбџьармчқәа рабашьра иахьалахәыз азыҳәан.