Америка Аҳәынҭқарратә департамент   20ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауаа, аминистрцәагьы апарламент алахәылацәагьы инрылаҵаны, асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Америка Аҳәынҭқарратә департамент   20ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауаа, аминистрцәагьы апарламент алахәылацәагьы инрылаҵаны, асанкциақәа рзышьақәнаргылеит

Америка Аҳәынҭқарратә департамент   20ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауаа, аминистрцәагьы апарламент алахәылацәагьы инрылаҵаны, асанкциақәа рзышьақәнаргылеит. Ари атәы иануп Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы.

«Аҳәынҭқарратә департамент, авизақәа раҧыхра аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧнагаз аусмҩаҧгатәқәа ирызкны адырра ҟанаҵоит. Арҭ аусмҩаҧгатәқәа инрықәыршәаны,  Қырҭтәыла адемократиатә процессқәа рҧырхагаразы аҭак зыҧхықәу ауаа  авизақәа роуам. Асанкциақәа ззышьақәыргылоу 20ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауаа иреиуп аминистрцәеи, апарламент алахәылацәеи, азинхьчаратә органқәеи ашәарҭадаратә структурақәеи  рофициалтә хаҿқәеи, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи», — иануп аҳәамҭаҿы.

Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭа ишану ала, Америка  «Ақырҭуа гәахәтәы» ала адемонстрантцәеи, АИХқәа рхаҭарнакцәеи, аоппозициа алахәылацәеи   рганахьала агәымбылџьбаратә мчылара иақәыӡбоит.

«Ақырҭуа гәахәтәы» ақырҭуа жәлар реиҳара ирҭаху, Аконституциа иану  Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш  аиқәыршәара амҩа ианыҵит.   Америка Аҳәынҭқарратә департамент   20ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауаа, аминистрцәагьы апарламент алахәылацәагьы инрылаҵаны, асанкциақәа рзышьақәнаргылеит. Ақырҭуа жәлар ҳрыдгыланы, ҳаргьы евроатлантикатә структурақәа ирылахәхәо, адемократиатә Қырҭтәыла ҕәҕәа ҳбар ҳҭахуп», — иануп Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы.