Америка Афинансқәа рминистрраҿ ишырҳәаз ала, Украина америкатә аҧара хықәкыда аныхра  афактқәа аарҧшым
Америка Афинансқәа рминистрраҿ ишырҳәаз ала, Украина америкатә аҧара хықәкыда аныхра  афактқәа аарҧшым

Америка Афинансқәа рминистрраҿ ишырҳәаз ала, Украина америкатә аҧара хықәкыда аныхра  афактқәа аарҧшым. Ари атәы аанацҳаит агентра  «Реитер».

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Украина жәаҩык инареиҳаны ачынуаа акоррупциа амшала аусура ианамырх ашьҭахь,   Вашинтон  раҧхьатәи аҳәамҭа ҟарҵеит.

«Ҳара Украина америкатә аҧара хықәкыда аныхра  афактқәа ааҳмырҧшит.  Украина анапхгареи ҳареи иашьашәалоу агарантиақәа  реиқәыршәаразы аус еицаауеит», — иануп Америка Афинансқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Иара убас, аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала,   аҧаратә цхыраара ахылаҧшра амзызла, Америка  Адунеи абанк аҟны аусеицура нанагӡоит.