Америка Афинансқәа рминистрра Вахтанг Гомелаурии Мирза Кезеваӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Америка Афинансқәа рминистрра Вахтанг Гомелаурии Мирза Кезеваӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит

Америка Афинансқәа рминистрра Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии  Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент анапхгаҩы Мирза Кезеваӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит.

Америка Афинансқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, атәым хаҿқәа  Гомелаурии Кезеваӡеи  ауаҩытәыҩса изинқәа еилазго аусбарҭақәа ирнапхгаҩцәоуп. Асанкциақәа шьақәыргылоуп   2017 шықәса инаркны амч змоу Магницки иглобалтә акт аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра АИХқәа рхаҭарнакцәеи, аоппозициааи, адемонстрантцәеи гәымбылџьбарала реимырпра иалахәын,   2024 шықәсатәи адемонстрациақәа раангьы.

Афинансқәа рминистрра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа Америка ирымоу амали активқәеи зегьы  иҵаауп. Ишаҧу ала, арегулиациақәа инрықәыршәаны, асанкциақәа ззышьақәыргылоу ахаҿқәа рмал ма рактивқәа ирыдҳәаланы Америка атәылауаа рыла, мамзаргьы Америка аҩныҵҟа иарбанзаалак атранзакциа амҩаҧгара ҟалом.  Асанкциақәа реилагаразы Америка атәылауаа атәылауаҩратә ма ашьауҕатә ахьырхәра роур ауеит.