Амедицинатәи афармацевтикатәи усзура ахылаԥшра агентра аӡбарала, ахәышә "Дипроспан" аџьармыкьантә алырхит
Амедицинатәи афармацевтикатәи усзура ахылаԥшра агентра аӡбарала, ахәышә "Дипроспан" аџьармыкьантә алырхит

Амедицинатәи афармацевтикатәи усзура ахылаԥшра агентра афармацевтикатә аилахәыра Schering-Plough Labo N.V иҭнажьуа ахәышә Дипроспан” (5мг+2мг)/1 мл аџьармыкьантә алырхит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ахәышә алырхра Бельгиа амедикаментқәеи агәабзиаратә аалыҵқәа афедералтә рагентра аӡбара ашьаҭала ҟалеит.

„Аалыҵ ԥшьсериак рҿы (W002247,W005812, W028823, W030207) ахаҭабзиалара апроблема аарԥшуп“, – иануп Бельгиа амедикаментқәеи агәабзиаратә аалыҵқәа афедералтә рагентра аҳәамҭа аҿы.