Амедиа адыррақәа рыла, Иран ала Израиль ажәылара амшала ҩыџьа ҭахеит, жәаҩыла ауаа ахәрақәа роуит
Амедиа адыррақәа рыла, Иран ала Израиль ажәылара амшала ҩыџьа ҭахеит, жәаҩыла ауаа ахәрақәа роуит

Тель Авив иазааигәаны,  анхарҭатә ҩнқәа рааигәара   аракета акаҳараан ҩыџьа ҭахеит,   20ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Аҭыҧантәи амедиа адыррақәа рыла,  аҭыҧаҿ аиқәырхаратә  операциа мҩаҧысуеит.

Тель Авив иазааигәоу даҽа раионк аҿгьы аӡәы дҭахеит,  40ҩык ахәрақәа роуит.

Убри аамҭазы, Израиль ажәылара амшала Иран  78ҩык иреиҵамкәа ҭахеит, урҭ иреиуп арратә ачынуаагьы,  320ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.