Амашьынарныҟәцаратә гәраргагақәа рызхҵареи реиҭныҧсахлареи азы Қырҭтәылеи Испаниеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра амч аиуеит цәыббра анҵәамҭазы
Амашьынарныҟәцаратә гәраргагақәа рызхҵареи реиҭныҧсахлареи азы Қырҭтәылеи Испаниеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра амч аиуеит цәыббра анҵәамҭазы

Амашьынарныҟәцаратә гәраргагақәа рызхҵареи реиҭныҧсахлареи азы Қырҭтәылеи Испаниеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра амч аиуеит цәыббра анҵәамҭазы. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, ари азҵаара иазку инарҭбаау аинформациа кьыҧхьуп Испаниа Аиустициа аминистрра аофициалтә саита аҿы.

Аинформациа ишану ала, амч змоу амашьынарныҟәцаратә гәраргагақәа змоу ауааҧсыра, абри аҩызаҵәҟьа амч змоу агәраргага роур рылшоит закәанла иахьынхо аҳәынҭқарраҿы, атеориеи апрактикеи азы аҧышәа мҭиикәа.

Қырҭтәылеи Испаниеи  «Амашьынарныҟәцаратә гәраргагақәа рызхҵареи реиҭныҧсахлареи иазку аиқәшаҳаҭра» рыбжьарҵеит ҳазну ашықәс мшаҧы азы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури аофициалтә визитла Испаниа даныҟаз.