Амашьына арныҟәцара агәраргара агаразы  аҧышәарақәа ақалақь аҩнуҵҟа нанҳәазы иалагар ҟалап
Амашьына арныҟәцара агәраргара агаразы аҧышәарақәа ақалақь аҩнуҵҟа нанҳәазы иалагар ҟалап

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  2019 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан инақәыршәаны, амашьына арныҟәцара агәраргга агаразы аҧышәара адәахьы амҩаҧгара, ҽакала иаҳҳәозар,  апрактикатә ҧышәарақәа  ақалақь аҩнуҵҟа амҩаҧгара нанҳәа инаркны иалагар ҟалап.

Аминистрра аинициатива зны аиҳабыра реилатәараҿы иахәаҧшроуп,  нас, иргәаҧхар, азакәанҧҵаратә проект аҳасаб ала, апарламент аҿы ицәырыргоит.

Ари азҵаара иадҳәаланы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы макьана аофициалтә аҳәамҭа ҟарымҵацт.

Уажәазы иҟоу аинформациа ала, аусбарҭаҿы апрактикатә ҧышәарақәа рымҩаҧгаразы иаҭаху аҭыҧқәеи амаршрутқәеи рәҳаақәҵара иаҿуп.

Амашьына арныҟәцара агәраргага заур зҭаху ауааҧсыра аҧышәарақәа рҭиир рылшоит атәыла 13 ақалақьқәа рҿы: Русҭави, Ҭелави, Ахалқалақьи, Гори, Ахалцихе, Сачхере, Амбролаури, Қәҭешь, Озургеҭи, Ҧуҭ, Баҭым, Жәыргьыҭ, Мести.   Аха абарҭ ақалақьқәа рҿы атеоритаә ҧышәарақәа инаваргыланы апрактикатә ҧышәарақәагьы аҭира ҟалоу иҟамлоу макьана еилкаам.