Амалаҳа адгьыл асистематә регистрациа нагӡахоит 2025 шықәса анҵәамҭанӡа
Ҳара адгьыл асистематә регистрациа аҿҳәара ацҵаразы аӡбара ҳадаҳкылеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, адгьыл арегистрациа макьана иахьымӡаз атәылауаа иҟоуп, дара 2025 шықәса анҵәамҭанӡа, иртәу адгьылҭыҧқәа, амалаҳа ашәҟәы иҭарҩыр рылшоит.
„Адгьыл асистематә регистрациа ҳара инаҳагӡаз зҵакы дуу ареформақәа иреиуп. Уажәазы иҳамоу алҵшәа бзиақәа рзы Аиустициа аминистрра ҳаҭабууп. Ишыжәдыруа еиҧш, ари ареформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, 1.5 миллион адгьылҭыҧқәа ишәаны, 1 миллионк ашәҟәы иҭаҩын, миллионҩык иреиҳаны ауааҧсыра адгьыл аҧшәмацәас иҟалеит. Зҵакы дуу абри аинициативазы Аиустициа аминистрра ахаҭарнакцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит“, – виҳәеит аҧыза-министр.