Алхратә комиссиа хада – Иазҿлымҳау аганқәа алхратә администрациа рыӡбарақәа ииашамкәа иаарҧшны, ажәлар дырҩашьар рҭахуп
Алхратә комиссиа хада – Иазҿлымҳау аганқәа алхратә администрациа рыӡбарақәа ииашамкәа иаарҧшны, ажәлар дырҩашьар рҭахуп

«Иазҿлымҳау аганқәа, жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ирыдҳәаланы алхратә администрациа рыӡбарақәа ииашамкәа аарҧшны, ажәлар идырҩашьар рҭахуп», — иануп Алхратә комиссиа хада аҳәамҭаҿы.

«Ажәлар идҳардырыр ҳҭахуп имҩаҧгаз алхрақәа раан алхратә процедурақәа ишрыцклаҧшуаз,  фото-видеофиксациақәа ҟарҵон, хаҿқәак, азакәан еилаганы, алхыҩцәа рхатә дыррақәа аус рыдырулон, абри зегьы ашьаҭала, абжьыҭира амаӡа азҵаарала аспекулиациа иалагеит», — иануп Алхратә комиссиа хада аҳәамҭаҿы.

Алхратә комиссиа хадаҿы ишырҳәаз ала, абарҭ афактқәа рыҭҵаара ашьҭахь, администрациа, алхратә процесс азы аҭак зыҧхықәу аорган аҳасабала,  наҟ-наҟ абри аҩыза аспекулиациа ҟамларцаз, азинтә актқәа рыдыркылеит.

Алхратә комиссиаҿы ишазгәарҭаз ала, акомиссиазы ахадаратә ҵакы амоуп анеҩстәи алхрақәа зегьы иаҳа еиҕьны, иаҳа еиҿкааны, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаланы рымҩаҧгара.