Алхратә комиссиа хада аҧхьа акциа «Ҳбыжьқәа ҳархынҳәуеит» мҩаҧысуеит
«Ҳбыжьқәа ҳархынҳәуеит» — абас иахьӡуп Алхратә комиссиа хада аҧхьа аҳәса имҩаҧырго акциа. Амитинг алахәылацәа иреиуп аҳәса-политикцәагьы.
Амитинг алахәылацәа Алхратә комиссиа хада ахыбра иҩналар рҭахын, аха, азинхьчаҩцәа азин рырымҭеит.
Амитинг алахәылацәеи азинхьчаҩцәа реицәҳара ашьҭахь, аполицааицәа Алхратә комиссиа хада аҧхьа агәашә адыркит.
Амитинг алахәылацәа аханатә алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәоит.