Алхратә коллегиа 300-ҩык алахәылацәа ахада ҿыц ԥхынҷкәын 14 рзы далырхуеит
Ахада иалхрақәа анымҩаԥгахо арыцхә Қырҭтәыла апарламент апленартә еилатәараҿ иахьа шьақәдырӷәӷәеит. Арегистрациа иахысит 85-ҩык адепутатцәа. Алхрақәа ԥхынҷкәын 14 рзы рымҩаԥгара иадгылеит 80-ҩык.
Ахада иинаугурациа ԥхынҷкәын 29 рзы мҩаԥгахоит.
Аконституциа ҿыц ала иԥсаххеит ахада иалхра аҵас. Қырҭтәыла ахада 5 шықәса ҳәа ҿҳәарас иҭаны, адебатқәа рымҩаԥгарада, иаарту абжьаҭараҿы Алхратә коллегиа далнахуеит. Хаҿрак Қырҭтәыла Ахада иаҳасабала иалхра ҟалоит ҩынтә иреиҳамкәа. Қырҭтәыла Ахадас иалхра ауеит абжьаҭаратә зин змоу, 40 шықәса ирҭысхьоу, аҵыхәтәантәи 15 шықәса Қырҭтәыла аҳәынҭқарраҿы инхо. Алхратә коллегиа иалахәуп 300-ҩык, урҭ иреиуп 150-ҩык апарламент алахәылацәа, 20-ҩык – Аԥсны Автономтәи ареспублика иреиҳаӡоу ахеилка алахәылацәа, 21-ҩык – Аҷара иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа, 109-ҩык – ахаланапхгараҭара ахаҭарнакцәа (2021-2022 шш. рзы иҳадаҳкылаз адгылара апропорциа ашьаҭала). Органикатә закәан инақәыршәаны Алхратә комиссиа хада аквотақәа рыла, аҭыԥантәи анапхгараҭаратә органқәеи апартиақәеи ралахәылацәа роуп Алхратә коллегиа иалахәу. Аквотақәа рызҵаараҿы акраӡбоит дгьылҵакырала анашьҭымҭацәеи, алхрақәа рҟны еиҳа еиӷьны иааԥшызи рыла. Алхратә коллегиа алахәылацәа рсиа шьақәнарӷәӷәоит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада. Қырҭтәыла Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит Апарламент Ахан аҟны. Қырҭтәыла Ахада икандидатура ақәыргылара азин рымоуп Алхратә коллегиа
алахәылацәа 30-ҩык иреиҵамкәа. Алхратә коллегиа алахәыла аӡәы азин имоуп кандидатк идгылара, иеиҳамкәа. Алхрақәа актәи рыхәҭаҿы далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп Алхратә коллегиа алахәылацәа рҟнытә хынтә ҩ-хәҭак зыдгылаз акандидат.
Қырҭтәыла уажәтәи ахада Саломе Зурабишвили ахәбатәи ахадас 2018 шықәса абҵара 28 рзы далырхит, аинаугурациа ԥхынҷкәын 16 рзы мҩаԥган.