Алеқсандре Дарахвелиӡе - Аизарақәеи адемонстрациақәеи раан ахаҭара аарҧшра иаҧырхагоу асабрадақәеи амаҭәеи аныҟәгара ҟалом европатәи атәылақәа рацәа рҿгьы
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандре Дарахвелиӡе иҳәамҭала, «Аҳәынҭқарразы ахадаратә ҵакы змоу аҧхықәроуп аҭынчратә аиазарақәеи аманифестациақәеи реиқәырәшара, уи азыҳәан азакәанҧҵаратә база еиҕьтәтәуп, иара убас, акциақәа раан иаамҭаны амчыларатә гәыҧқәа аарҧшны, ахьырхәра рыҭатәуп, уи амассатә аизарақәа раан ацәгьаурақәа рпревенциа иацхраауеит.
Дарахвелиӡе иажәақәа рыла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акциақәа раан асабрадақәа рныҟәгара ақәиҭымтәра иазку аҧыза-министр иинциатива иадгылоит.
«Аизарақәеи адемонстрациақәеи раан ахаҭара аарҧшра иаҧырхагоу асабрадақәеи амаҭәеи аныҟәгара ҟалом европатәи атәылақәа рацәа рҿгьы. Ҳгәы ишаанаго ала, ари азакәан акциақәеи амитингқәеи ҭынч рымҩаҧгара иацхраауеит, агрессиатә гәыҧқәа ахьырхәрадара ацәанырра роуам, аполициа ацәгьауцәа иаамҭаны раарҧшреи рхьырхәреи алшоит», — иҳәеит Алеқсандре Дарахвелиӡе.