Алеқсандр Табатаӡе Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа Аҧшыхәратә комитет ахантәаҩы диҧылеит
Алеқсандр Табатаӡе Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа Аҧшыхәратә комитет ахантәаҩы диҧылеит

Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Алеқсандр  Табатаӡеи аделегациа алахәылацәеи Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа Аҧшыхәратә комитет ахантәаҩы  Веисел Типиоҕлуи акомитет алахәылацәеи ирҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи рстратегиатә партниорреи. Аганқәа рхаҭарнакцәа арегиони адунеии рҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирзааҭгылан, арегионалтә аҭынчреи аҭышәынәталареи реиқәыршәаразы азеиҧш ҽазышәарақәа рҵакы иазгәарҭеит.

Аиҧылара алахәылацәа  ашәарҭадара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи русеицура иалацәажәеит. Ари аганахьала иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак русбарҭақәа русеицура аҵакы.

Ақырҭуа делегациа иалоуп акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Ҭенгиз Шарманашвилии, ахантәаҩы ихаҭыҧуаа  — Гиа Бенашвилии Виктор Џьаҧариӡеи, акомитет алахәыла  Иосеб Џьорбенаӡеи.