Алеқсандр Мережко – Украина ацҳаражәҳәаҩ излауа ала ирласны дхынҳәыроуп, аха уи атәыла ахада иоуп изыӡбо
«Сара Украина ацҳаражәҳәаҩ излауа ала ирласны Қырҭтәылаҟа дхынҳәыр сҭахуп, аха, сареи апарламенти ҳакәӡам ари азҵаара зыӡбо, уи атәыла ахада изинҷыдоуп», — иҳәеит жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы Рада акомитет ахантәаҩы Алеқсандр Мережко.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи партниорцәоуп, аҩ-тәылак НАТОи Евроеидгылеи ралалара апроцесс нарыгӡароуп.
«Қырҭтәыла – ҳзықәгәыҕуа аиҩызаратә тәылоуп. Сымҩашьозар, шәгеополитикатә ҭагылазаашьа ҳара ҳаасҭа иаҳа иуадаҩуп. Аха, уезгьы, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ирылшо зегьы ҟарҵоит Украина иацхраарц азыҳәан. Ақырҭуа жәлар Украина аибашьра алагара ишақәҿырҭыз аабеит, уи даараӡа ҳцәа ианырит. Ақырҭуаа, иҳадгыларц азыҳәан, адәахьы ишдәылҵыз аабеит. Ҳара уи ахә ҳшьоит. Қырҭтәылеи Украинеи партниорцәоуп, аҩ-тәылак НАТОи Евроеидгылеи ралалара апроцесс нарыгӡароуп.
Ҳаҭала, сара Украина ацҳаражәҳәаҩ излауа ала ирласны Қырҭтәылаҟа дхынҳәыр сҭахуп, аха, сареи апарламенти ҳақәӡам уи зыӡбо, уи атәыла ахада изинҷыдоуп», — иҳәеит Рада адепутат ателееилахәыра «Имеди» аинтервиу аҿы.