Алеқсандр Дарахвелиӡе – Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит ашаҳаҭцәа рҳәамҭақәеи еизаагаз ашаҳаҭгақәеи рышьаҭала Кирбали ихьанҭаӡоу ауаҩшьра ҟазҵаз ауаа раарҧшразы
Алеқсандр Дарахвелиӡе – Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит ашаҳаҭцәа рҳәамҭақәеи еизаагаз ашаҳаҭгақәеи рышьаҭала Кирбали ихьанҭаӡоу ауаҩшьра ҟазҵаз ауаа раарҧшразы

«Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит ашаҳаҭцәа рҳәамҭақәеи еизаагаз ашаҳаҭгақәеи рышьаҭала Кирбали ихьанӡоу ауаҩшьра ҟазҵаз ауаа раарҧшразы», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, иашьашәалоу аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит, аекспертизагьы уахь иналаҵаны.

«Ҳара аҳәамҭа ҟаҳҵеит, хәҭаҷқәак рыла аус хьацыркуп. Иашьашәалоу аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит, аекспертизагьы уахь иналаҵаны. Иара убас,  иацы ихақәиҭыртәыз ауаҩы иҿахәы имаҳуеит. Иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иаҭахыз зегьы ҟанаҵеит ҳтәылауаҩ деибганы аҩныҟа дхынҳәырцаз», — иҳәеит  Дарахвелиӡе.