Ален Берсе - Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, «аҭагылазаашьақәа рҽыҧсахра иахҟьаны», иара анапхгара ззиуа аиҳабыра Европа Ахеилак еицырзеиҧшу аусуратә гәыҧ алахәызаара ргәы иҭам
Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Ален Берсе Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи ҭелла реиҿцәажәара иазкны аҳәамҭа алаирҵәеит.
Европа Ахеилак асаит аҿы икьыҧхьу аҳәамҭа ишану ала, жәабран 3 рзы Ален Берсе Иракли Кобахиӡе диацәажәеит «Атәым анырра иазку» азакәан аҧсахрақәа алагалара амзызла еицырзеиҧшу аусуратә гәыҧ аиҿкаара иазкны.
Берсе иҳәамҭала, аҭелтә аиҿцәажәараан Кобахиӡе ишиҳәаз ала, «аҭагылазаашьақәа рҽыҧсахра иахҟьаны» иара анапхгара ззиуа аиҳабыра Европа Ахеилак еицырзеиҧшу аусуратә гәыҧ алахәызаара ма зыӡбахәы ҳәоу азакәанахь уаанӡа излацәажәоз аҧсахрақәа ралагалара ргәы иҭам.
«Аусуратә гәыҧ аиҿкаара иазку аӡбара рыдыркылеит 2024 шықәса ҧхынҷкәын 20 рзы, амаӡаныҟәгаҩ хада визитла Қарҭ даныҟаз. Усҟан аганқәа еиқәшаҳаҭны ари аӡбара рыдыркылеит. Ажьырныҳәа 20 рзы Амаӡаныҟәгара аусуратә гәыҧ аиҿкаара иазку ажәалагала ала аофициалтә шәҟәы дәықәырҵеит, аха, аҭак рмоуӡит.
Аҭелтә аиҿцәажәараан Кобахиӡе ишиҳәаз ала, «аҭагылазаашьақәа рҽыҧсахра иахҟьаны» иара анапхгара ззиуа аиҳабыра Европа Ахеилак еицырзеиҧшу аусуратә гәыҧ алахәызаара ма зыӡбахәы ҳәоу азакәанахь уаанӡа излацәажәоз аҧсахрақәа ралагалара ргәы иҭам. Аха, иара ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла, аиҳабырабжьаратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Европа Ахеилак аус ацура ишазыхиоу. Амаӡаныҟәгаҩ хада ақырҭуа аган ирыдыркылаз аӡбара дазыразым. Азакәан ахадареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа дшаргәамҵуа иҳәеит. Уажәазы, Қырҭтәыла аиҳабыра рыла аполитикатә хырхарҭа аҧсахра иахылҵуа анырра ахәшьара аҭароуп ҳасабтәс ирымоу. Қырҭтәыла анапхгара рҟны адиалог инагӡоит», — иануп аҳәамҭаҿы.