Алеко Елисашвили Али Бабаев иқәларазы даанкылан, ари азы иазыԥхьагәаҭоуп хышықәсанӡа аҭакра
Алеко Елисашвили Али Бабаев иқәларазы даанкылан, ари азы иазыԥхьагәаҭоуп хышықәсанӡа аҭакра

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәи аполициа адепартамент ахаҭарнакцәа Акоалициа «Қырҭтәыла ҕәҕәа азы» алахәыла Алеко Елисашвили Қырҭтәыла иқәынхо азербаиџьанцәа рмилаҭтә конгресс ахантәаҩы Али Бабаев  иқәларазы дааныркылеит.

Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 156-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа “а” апункт инақәыршәаны, ахаҿы иқәларазы хышықәсанӡа аҭакра иазыԥхьагәаҭоуп.