Албаниа адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Дитмир Бушат Аахыҵ Кавказ аҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыдас дҟарҵеит
Албаниа адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Дитмир Бушат Аахыҵ Кавказ аҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыдас дҟарҵеит

 

Албаниа адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Дитмир Бушат Аахыҵ Кавказ аҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыдас дҟарҵеит.

Ари аинформациа Апарламенттә Ассамблеиа асаит иануп.

Албантәи адипломат инапы иануп Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи, Мрагыларатә Европеи рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа ацклаҧшреи ауаажәларра еиуеиҧшым ахаҭарнакцәа рыбжьара адиалог амҩаҧгара ацхраареи.

Аахыҵ Кавказ аҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыда  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩи, Минсктәи агәыҧи уи аицхантәаҩцәеи аус рыциуеит, иара убас, Женеватәи жәларбжьаратәи дискуссиақәа рҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа дрыцклаҧшуеит.