Европатәи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Алан Берсе Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылаԥасатәи ахада Саломе Зурабишвилии апартиа “Шахариа Қырттәылазы” алидер Гьаргь Гахариеи дырԥылеит.
Аиԥылара зныԥшуа афотоҭыхымҭақәа асоциалтә ҳаҿы Саломе Зурабишвилии Гьаргь Гахариеи аладырҵәеит.
Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа иалагеижьҭеи хымш ҵуеит, уи уаҵәы, жәабран 16 рзы ихыркәшахоит.