Алабораториатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара арбага анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп
Алабораториатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара арбага анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп

Имҩаҧгоу алабораториатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны,  Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара арбага анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра.

„Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрра иаҵанакәа Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ахаҭарнакцәа, есымза, жә-станциак рҿы, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара гәарҭоит.

Евроеидгыла амшынтә стратегиа ахадаратә директивақәа инрықәыршәаны, Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра амониторинг асистема еиҕьнатәуеит. Уажәтәи аетапаз алабораториа еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ахархәагақәа рыла. Имҩаҧгаз алабораториатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара арбага анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп “, – иануп аинформациаҿы.