Акультуратә ҭынхара ахьчара амилаҭтә агентра Гьаргь ацқьа ихьӡала Згудери иҟоу аныхабаа иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Акультуратә ҭынхара ахьчара амилаҭтә агентра аҳәамҭа инақәыршәаны, ҵыҧх агентра амониторингтә маҵзура ахаҭарнакцәа акультуратә ҭынхара абаҟа – Гьаргь ацқьа ихьӡала Згудери иҟоу аныхабаа ахыжәжәарақәа рҿы хаҧызарала аныхабаа ҿыц аргылара афакт аадырҧшит.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, агентра ахаҭарнакцәа, зыҧшра ҟамҵакәа ари афакт иақәҿырҭын, аргыларатә усурақәа назыгӡоз Руисстәи-Урбнисстәи аепархиа аҩырала иадҵааланы, аргыларатә усурақәа раанкылара иаҳәеит. Ари аҭагылазаашьа иазку адырра ирҭеит Қырҭтәыла Апатриархгьы.
«Акультуратә ҭынхара амилаҭтә агентра амониторингтә маҵзура ахаҭарнакцәа аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа еиҭагәарҭоит, анеҩс, азакәан ала иазҧхьагәаҭоу ашьаҿақәа ҟаҵазаауеит», — иануп аҳәамҭаҿы.