Акультура аминистрра аинформациа ала, Токио "Қырҭтәыла амшқәа" мҩаԥысуеит
Акультура аминистрра аинформациа ала, Токио "Қырҭтәыла амшқәа" мҩаԥысуеит

Қырҭтәыла акультуреи аспорти рминистрра аԥшьгареи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адгылареи рыла, рашәара 15-16 рзы Иапониа аҳҭнықалақь Токио “Қырҭтәыла амшқәа” иалагоит.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа Токио идуӡӡоу апарк – Ееги аҿы ҩымчыбжь ирылагӡаны мҩаԥгахоит. Ауснагӡатәқәа рҿы ақырҭуа акультуреи, аҟазареи,аспорти рхаҭарнакцәа иқәгылоит. Апланқәа ирылоуп афольклортә ансамбльқәа рықәгыларақәа.