Акультура аусзуҩцәеи амузыкантцәеи аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит. “Арежим абаандаҩцәа рхы иақәиҭтәуп!” – ианын Қырҭтәыла Акультура аминистрра аԥхьа имҩаԥысуаз акциа алахәылацәа иркыз аплакатқәа рҿы.
Аҿагыларатә марш алахәылацәа Русҭавели имҩаду ашҟа идәықәлеит.
Қырҭтәыла Акультура аминистрра аԥхьа имҩаԥысуаз акциа алахәылацәа идҵаны иқәдыргылеит алхрақәа реиҭамҩаԥгареи амитингқәа раан иаанкылаз атәылауаа рхақәиҭтәреи.