Акворум аҟамзаара амшала, иахьатәи изаамҭаным апарламенттә аилатәара зымҩаҧымсит
Акворум аҟамзаара амшала, иахьатәи изаамҭаным апарламенттә аилатәара зымҩаҧымсит

Акворум аҟамзаара амшала, иахьатәи изаамҭаным апарламенттә аилатәара зымҩаҧымсит. Арегистрациа иахысит 65ҩык адепутатцәа мацара, апленартә аилатәара амҩаҧгаразы уи иазхом.

Апленартә аилатәараҿы аҩбатәи аҧхьарала иахәаҧшыр акәын  «Атәылахьчара азакәанеидкыла».

Аилатәараҿы аоппозициа ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Мамука Мдинараӡе:

«Ҳколлегацәа-оппонентцәа ибзианы ирдыруеит иахьазы аиҳара акворум еиқәдыршәарцаз убри аҟара адепутатцәа шыҟам.  Иара убас, ҳколлегацәа Франкофониа ауснагӡатәаҿ иҟоуп. Ҳара аиҳара мацарала акворум аиқәыршәара ҳалшом.  Иаҭаамҭаз, ҳколлегацәа абри аҩыза афактқәа асаботаж ҳәа рзырҳәон.

Атәыла анҭыҵ иҟоу ҳколлегацәа аҳәаанырцәынтә ианыхынҳәлак, Франкофониа ауснагӡатә анхыркәшалак  — ҧхынгәы анҵәамҭаз аума, нанҳәаз аума, шәааны аус жәуеит. Шәара аҧсшьара шәаҳәон, аҧсшьара шәоуам. Ианаҳҳәалак, ҳанеизалак, шәааны аус жәуеит, апарламенттә усура закәу еилышәкаап», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе.