Актәи ауниверситеттә клиника аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ҭорнике Рижваӡе игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьоуп, уи аҳауеиҭныԥсахратә аппарат даҿакуп
Актәи ауниверситеттә клиника аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Аҷара аҳабыра ԥасатәи ахантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьоуп, уи аҳауеиҭныԥсахратә аппарат даҿакуп.
Актәи ауниверситеттә клиника аклиникатә директор Лали Турӡелаӡе ишаалыцҳаз ала, Рижваӡе уажәы аоперациа изыҟарҵом.
Аҷара аҳабыра ԥасатәи ахантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе Қарҭ, Актәи ауниверситеттә клиникахь диагоуп. Ҭорнике Рижваӡе Сагареџьотәи “Џьеогоспиталь” ашҟа днаган, уи бџьармцалатәи ахәра иоуит, иҭагылазаашьа цәгьоуп. АҩАР аинформациа ала, аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 115-тәи ахәҭаҷ ала – аҽшьраҟынӡа анагара азы. Ҭорнике Рижваӡе иус азы абџьар аҭакԥхықәрадара аҵәахразы даанкылоуп Амшынтә транспорт азы агентра аиҳабы Алекси Ахвледиани. Ахвледиани Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 238-тәи ахәҭаҷ – абџьар аҭакԥхықәрадара аҵәахраз – инақәыршәаны даанкылоуп. Ахысраан Ҭорнике Рижваӡе Алекси Ахвледиани иҩны дыҟан.