Актәи аканал ахыбра ҿыц ахь аиасра апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, архивтә документқәа рыҭҵаара-аус рыдуларатә процесс хыркәшоуп
Актәи аканал ахыбра ҿыц ахь аиасра апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, архивтә документқәа рыҭҵаара-аус рыдуларатә процесс хыркәшоуп.
Қырҭтәыла арадио аефир ахь иҭыҵит 1925 шықәсазы, сынтәа ақырҭуа радио 100 шықәса ахыҵит. Актәи аканал арҭ ашықәсқә ирылагӡаны Ахьтәы фонд ахьчареи ахылаԥшреи иаҿуп.
“Ахыбра ҿыц ахь аиасра апроект еиуеиԥшым апроцессқәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ иреиуп ашықәсқәа рыҩныҵҟа еизгаз архивтә документқәа реиқәыршәареи, ҳаамҭазтәи астандартқәа инарықәыршәаны ахыбра ҿыц ахь риагареи. Актәи аканали Қырҭтәыла амилаҭтә архиви еиуеиԥшым апроектқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура аганахьала аԥышәа ду рымоуп. Ацхыраара ду азы Архив аусуҩцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит”, – илҳәеит Актәи аканал адиреутор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.