Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыҧ Ҭырқәтәыла, аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ иҟоуп, уаҟа аиқәырхаратәи аҧшааратәи усурақәа инагӡоит. Адиаман апровинциаҿ аус руеит Нодар Чачуеи, Гьаргь Кикваӡеи, Иракли Гедениӡеи, Паата Гоцаӡеи.
Аиқәырхаратә усурақәа ирылахәып Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иалаӡит 8 574ҩык, 50 000ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.