Актәи адоза ашьҭахь аваргылатә цәырҵра цәгьақәа змаз атәылауаа, аҩбатәи алаҵа даҽа тип змоу авакцина рзыҟарҵар ҟалоит
Актәи адоза ашьҭахь аваргылатә цәырҵра цәгьақәа змаз атәылауаа, аҩбатәи алаҵа даҽа тип змоу авакцина рзыҟарҵар ҟалоит

Аиммунизациа азҵаарақәа рзы атезникатә абжьаҟазаҩҵәа рмилаҭтә гәыԥ анапхгаҩы, апрофессор Иване Чхаиӡе иҟаиҵаз аҳәамала, актәи адоза ашьҭахь аваргылатә цәырҵра цәгьақәа змаз атәылауаа, аҩбатәи алаҵа даҽа тип змоу авакцина рзыҟарҵар ҟалоит.

Ари атәы Иване Чхаиӡе аиммунизациа ахеилак еилатәара ашьҭахь ааицҳаит.

“Аиммунизациа азҵаарақәа рзы атезникатә абжьаҟазаҩҵәа рмилаҭтә гәыԥ  аӡбара иацы аднакылеит, иахьа ари аӡбара ахеилак аҿы адгылара аиуит,” – иҳәеит Чхаиӡе.